ИУНЕСКО
From Wikipedia, the free encyclopedia
ИУНЕСКО (англ. UNESCO — United Nations Educational, Scientific and Cultural Organization) —Аҵараиуреи, аҭҵаарадырреи, акультуреи рызҵаарақәа ирызку, аҭыԥ ҷыдақәа Адунеизегьтәи аҭынха асиа иалазҵо Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иҷыду усбарҭаны иҟоуп.
Аиҿкаара ирыланаҳәо хықәкқәаны иҟоуп, — аҳәынҭқаррақәеи ажәларқәеи аҵараиуреи, аҭҵаарадырреи, акультуреи русхкқәа рыҟны русеицура амҽхак арҭбаарала аҭынчреи ашәарҭадареи рырӷәӷәара; аиашара алыршареи азакәанреи, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Аԥҟаԥҵәаҟны ажәларқәа зегьы рзы ирылаҳәоу, расас изҵазкуазаалак, дхаҵаз, дыԥҳәысыз, бызшәас мамзаргьы динс иныҟәыргозаалак, ауаҩы изинқәеи ихақәиҭра хадақәеи азеиԥш ҳаҭырқәҵареи рықәныҟареи рыла.
Аиҿкаара аԥҵан 1945 шықәса абҵарамза 16 рзы, иара аштаб-тәарҭа Париж, (Франциа) иҟоуп.
Уажәы аиҿкаара иалоуп 193 ҳәынҭқарра-алахәцәа, 2 –ҳәынҭқаррак-ахылаԥшҩцәеи 10- адәныҟатәи аполитиказы аҭакԥхықәра ныҟәзымго еидгылоу алахәцәа — адгьылҵакырақәа. 182 ҳәынҭқарра-алахәцәа иааиԥмырҟьаӡакәа аиҿкаараҿы ахаҭарнакрақәа рымоуп Париж, ара иара убас иҟоуп есымшатәи анаԥшҩцәа 4-ҩыки анаԥшратә миссиа назыгӡо аиҳабырабжьаратә еиҿкаарақәа 9. Аиҿкаара аилазаараҟны иҟоуп адунеи еиуеиԥшым ахәҭақәа рыҟны иҟоу 60 биурои аиҵаҟәшақәеи. Аиҿкаара аусура иаҵанакуа азҵаарақәа рыҩныҵҟа иҟоуп: адискриминациа апроблемақәа аҵараиуреи аҵарадареи русхк аҟны; амилаҭтә культурақәа рыҭҵаареи амилаҭтә кадрқәа разыҟаҵареи; асоциалтә ҭҵаарадыррақәа, агеологиа, аокеанографиа, абиосфера апроблемақәа.
1948 шықәса инаркны аиҿкаара иҭнажьуеит ажурнал «Куриер ИУНЕСКО», ҳазҭагылоу аамҭазы иҭыҵуеит жәа-бызшәак рыла, онлаин ала ахархәара ҟалоит.
Иахьа ИУНЕСКО иҿыцу аидеиақәеи астандартқәеи рцәыргара зылшо акакәны иҟоуп. Урҭ ауаатәҩса рҿаԥхьа иқәгыло аетика ҟазшьа змоу апрболемақәа рҭышәныртәалара, рҳәаақәҵара иазку жәларбжьаратәи анормативтә документқәа шьаҭас ирыҭахоит.
ИУНЕСКО иара убас аинформациқәеи адыррақәеи реимдареи рыларҵәареи иазку центрны иҟоуп, убри алагьы ари аиҿкаара иалахәу аҳәынҭқаррақәа руаажәларрақәа рылшарақәа иеиуеиԥшым аҟәшақәа рыҟны рыҿиара иацхраауеит. Иааизакны, ИУНЕСКО аус зуа 191 иара убас ассоциациатә ҳәынҭқаррақәа 6 рыбжьара – аҵараиуреи, акультуреи, акоммуникациеи рысфераҟны жәларбжьаратәи аусеицура иацхраауеит. ИУНЕСКО ииашаны, мцҳәарада, хра злоу ауаатәҩсатә ҟазшьақәеи иарбан цивилизациа - заалакгьы, иарбан культуразаалакгьы ҳаҭыр ақәҵареи шьаҭас измоу жәларбжьаратәи аигәныҩразы аҭагылазаашьа аԥҵара иазку.
ИУНЕСКО ари ароль иахьа ҷыдала аҵакы дуӡӡа амоуп атерроризм ауаҩытәҩса ашәарҭара анрызцәырнаго аамҭазы.
Адунеи аԥхьаҟа иҭышәынтәаланы аҿиаразы, ауаҩы изинқәеи ирықәныҟәаны, ҳаҭырла ауааи ажәларқәеи реизыҟазаашьеи, аӷарра аҿагылареи шьаҭас измоу аглобалтә знеишьа аҭахуп. Абарҭ ахырхарҭақәа роуп ИУНЕСКО хықәкыс иамоу, уи аусурагьы ҵакыс иаҵоу.