Аккад
From Wikipedia, the free encyclopedia
Акка́д (аккад. 𒆳𒌵𒆠 Māt Akkadim; шум. 𒀀𒂵𒉈𒆠 kurA.GA.DÈki; ивр. אַכַּד, Akkad) —Ҳера ҟалаанӡа XXIV—XXII-тәи ашәышықәсақәа рзы иҟаз аҳәынҭқарра. Иара убасгьы Аладатәи Месопотамиа[1] аҩадатәи ахәҭаҿы иҟоу ажәытәӡатәи аобласт, ҳаамҭазтәи Ирак адгьылҵакыраҿы иҟоуп. Аҳҭнықалақь – ақалақь Аккаде (шумер. Агаде).
Аккадтәи аҳәынҭқарра шьақәыргылан Ажәытәӡатәи Саргон импыҵахаларатә ныҟәарақәа рыбзоурала. Уи имчрала инапаҵаҟа еидикылеит ашумерқәеи Мрагыларатәи асемитцәеи (анаҩс аккадцәа), Ажәытәӡатәи Месопотамиеи, иара убас ааигәа-сигәа иҟаз имаҷымкәа адгьылҵакырақәеи (рномқәа зегьы) уахь иналаҵаны. Аккад зегь реиҳа амҽхак дуны иҟалеит Саргон имаҭа, Нарам-Суен ихаан, аха ҳера ҟалаанӡа XXIII –тәи ашәышықәсазы ари аҳәынҭқарра аилаҳара иалагеит. Усҟан уи адгьылҵакыра хада ашьхаруаатә еимшьҭрақәа – кутеиаа (гутеиаа) рнапаҵаҟа иҟалеит.
Аккадтәи аамҭазы ишьақәыргылан Месопотамиа анаҩстәи атәыла дуқәа рҳәынҭқарратә системақәа – Шумера-Аккадтәи аҳра, Вавилониа, Ассириа. Ажәытәӡатәи Ааигәа Мрагыларатәи ажәларқәа рҿы Аккад еталонтә ҳәынҭқарраны иԥхьаӡан, даҽакала иуҳәозар, иҿырԥшыгоу жәытәӡатәи монархиатә ҳәынҭқарраны иахәаԥшуан.